Иракли Ӷарибашвили - Қырҭтәыла Франциа еиԥш апартниор ахьамоу даараӡа ҳазгәдууп
Қырҭтәылеи Франциеи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи апартниорреи азеиԥш европатәи ахәынаӡарақәеи, апатуқәҵареи агәрагареи роуп шьаҭас измоу, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Франциа амилаҭтә ныҳәа инамаданы Франциа ацҳаражәҳәара имҩаԥнагаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Франциа ацҳаражәҳәара ахаҭарнакцәеи асасцәеи аныҳәамш рыдиныҳәалан, Қырҭтәылеи Франциеи ҷыдалатәи аизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.
“Ҳҭоурых аҿы иалукааша аамҭоуп, Франциа еснагь ақырҭуа жәлар ирыдгылан. 2008 шықәсатәи аибашьраан Франциа инанагӡаз ароль азы гәык ала иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп.
Франциа Қырҭтәыла Нато-и Евроеидгылеи ралалара ахьадгыло иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Нато-и Евроеидгылеи рахь аинтеграциа ақырҭуа жәлар реиҳарак ралхымҭоуп, уи альтернатива амам”, – иҳәеит Ӷарибашвили.