Иракли Ӷарибашвили - Қырҭтәыла адәныҟатәии ашәарҭадаратәи политикаҿ Нато алалара зегь реиҳа ихадоу зҵаароуп, уи амилаҭ зегьы иадгылоит
Қырҭтәыла адәныҟатәии ашәарҭадаратәи политикаҿ Нато алалара зегь реиҳа ихадоу зҵаароуп, уи амилаҭ зегьы иадгылоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҟны аиԥылара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы аиԥылараҿ ирыхәаԥшыз азҵаарақәа дрыхцәажәеит.
“Амаӡаныҟәгаҩ хада, иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп иахьа Нато аусҳәарҭа хадаҿ ахьшәҳадаҳкылаз. Нато и Қырҭтәылеи адинамикатә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Аиԥылараҿ ҳтәылеи арегиони рзы ихадоу азҵаарақәа ҳарзааҭгылеит, урҭ иреиуан Урыстәыла имҩаԥнаго ампыҵахалара азҵаара. Изныкымкуа сҳәахьеит, уажә даҽазнык исҳәар сҭахуп – Қырҭтәыла адәныҟатәии ашәарҭадаратәи политикаҿ Нато алалара зегь реиҳа ихадоу зҵаароуп, ари аӡбара амилаҭ зегьы иадгылоит. Қырҭтәыла Нато алаларазы апрактикатә инструментқәа зегьы ҳнапаҿы иҟоуп, Қырҭтәыла Нато алалара иазкны аполитикатә аӡбара адкыларазы адгылаҩцәа рҟны активтә диалог мҩаԥаагоит. 2008 шықәсазы Бухаресттәи асаммит аҿы адгылаҩцәа ирыдыркылаз аӡбарала, Қырҭтәыла алианс хымԥада иалалароуп. Усҟан ари ҳара ҳзы аҵак ду змаз аацҳамҭан. Уи иахьагьы актуалра амоуп. 2008 шықәсазы Бухаресттәи асаммит аҿы адгылаҩцәа ирыдыркылаз аӡбарала анагӡаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Адгылаҩцәеи шәареи адгыларазы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.