Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Германтәыла Афедералтә канцлер Олаф Шольц диԥылеит.
Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ иззааҭгылаз азҵаарақәа иреин ҩганкалатәи ганрацәалатәи аформатқәа рҿы аусеицуреи Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа апроцесси.
“Аиԥылараҿ аԥыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит атәылақәа ирыбжьоу аполитикатә диалог апрецедент змам адинамика аҭыԥ шамоу. Аганқәа иазгәарҭеит Қырҭтәылеи Германтәылеи ирыбжьоу аусеицура иаҳа арҵаулара шазыхиоу. Иракли Ӷарибашвилии Олаф Шольци евроинтегарциа аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа иахцәажәан, Қырҭтәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәа ахәшьара рырҭеит. Аԥыза-министр Олаф Шольц идигалеит евроинтеграциа амҩаҿ имҩаԥгаз, иара убас имҩаԥысуа ареформақәа.Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз ала, ахыркәшаратә етап аҿы иҟоуп арекомендациақәа рынагӡара апроцесс. Иракли Ӷарибашвили Олаф Шольци Ниу-Иорк имҩаԥысуа ЕАР Ассамблеиа Хада 78-тәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны еиԥылеит, “- иануп Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа аҿы.