Иракли Ӷарибашвили - Ное Рамишвили алагала дуӡӡа ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә институтқәа раҧҵареи адемократиатә ҳәынҭқарра аргылареи аус аҿы
Иахьа Ное Рамишвили – Қырҭтәыла адемократиатә республика иалкаау ахаҭарнакцәа иреиу, аиҳабыра раҧхьатәи ахантәаҩи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистри иҧсра мшуп,- иануп Қырҭтәыла аԥыза-министр иҟаиҵаз аҳәмҭаҿ.
Аиҳабыра рхантәаҩы иажәақәа рыла, раҧхьатәи ареспублика зегьы реиҳа зыхьӡу дуу аполитик, зхы иамеигӡакәа абольшевикцәа ирҿагылаз „аихатә министр” алагала дуӡӡа ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә институтқәа раҧҵареи адемократиатә ҳәынҭқарра аргылареи аус аҿы.
“Иахьа Ное Рамишвили – Қырҭтәыла адемократиатә республика иалкаау ахаҭарнакцәа иреиу, аиҳабыра раҧхьатәи ахантәаҩи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистри иҧсра мшуп.
Раҧхьатәи ареспублика зегьы реиҳа зыхьӡу дуу аполитик, зхы иамеигӡакәа абольшевикцәа ирҿагылаз „аихатә министр” алагала дуӡӡа ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә институтқәа раҧҵареи адемократиатә ҳәынҭқарра аргылареи аус аҿы.
Сара аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс саныҟаз, аминистрра ахыбраҿы ибиуст аартын, амҩагьы ихьӡ ахырҵит, убри ала, ҳара аҳаҭыр ду рықәаҳҵеит Ное Рамишвили иҧсҭазаара ззикыз европатәи аҧеиҧш азықәҧареи, ахьыҧшымреи ахақәиҭреи аидеалқәа.
Ное Рамишвили аҧсадгьыл амаҵ аура иазгәыку ауааҧсыра зегьы рзы еснагь дҿырҧшыгазаауеит,” – иазгәаҭоуп аԥыза-министр иҳәамҭаҿ.