Иракли Ӷарибашвили Никол Ԥашиниан алхрақәа рҿы аиааира агара идиныҳәалоит
Иракли Ӷарибашвили Никол Ԥашиниан алхрақәа рҿы аиааира агара идиныҳәалоит

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Никол Ԥашиниан алхрақәа рҿы аиааира агара идиныҳәалоит.

Адныҳәалара Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵеит асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы.

“Гәык-ԥсык ала идысныҳәалоит Шәамахьтәыла Аԥыза-министр Никол Ԥашиниан алхрақәа рҿы аиааира ахьиигаз, заанаҵтәи адыррақәа рыла апартиа “Атәылауаҩратә еиқәшаҳаҭра” ауп аиааира згаз. Ақәҿиарақәа изеиӷьасшьоит! Шәамахьтәал аиҳабыра ҿыц рҟны аусеицура сазыԥшуп,” – иҩуеит Ӷарибашвили.

Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿ имҩаԥгаз изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рҿы уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, азакәанԥҵаратә еиҿкаара иалалоит хмчык.

71 амандатқәа роуеит Никол Ԥашиниан ипартиа “Атәылауаҩратә еиқәшаҳаҭра”, аблок “Шәамахьтәыла” – 29 амандатқәа, аблок “Апату сымоуп”  – 7 мандатк.