Иракли Ӷарибашвили - Израильтәи аҳәынҭқарра аганахьала имҩаԥгаз атерористтә жәылара ҳаҿагылоит, Израиль аиҳабыреи ажәлари ҳрыдашшылиот, ахәрақәа зауз агәабзиара ирзеиӷьасшьоит
Иракли Ӷарибашвили - Израильтәи аҳәынҭқарра аганахьала имҩаԥгаз атерористтә жәылара ҳаҿагылоит, Израиль аиҳабыреи ажәлари ҳрыдашшылиот, ахәрақәа зауз агәабзиара ирзеиӷьасшьоит

Израильтәи аҳәынҭқарра аганахьала имҩаԥгаз атерористтә жәылара ҳаҿагылоит, – “Твиттер” аҿы иҩит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Аԥыза-министр Израиль аиҳабыреи ажәлари дрыдашшылиот, ахәрақәа зауз агәабзиара ирзеиӷьаишьоит.

„Израильтәи аҳәынҭқарра аганахьала имҩаԥгаз атерористтә жәылара ҳаҿагылоит, Израиль аиҳабыреи ажәлари ҳрыдашшылиот, ахәрақәа зауз агәабзиара ирзеиӷьасшьоит“, – иҩит Иракли Ӷарибашвили.

Израиль, аракетатә жәыларақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡеит, хәҩык ахәрақәа роуит. Ажәыларазы аҭакԥхықәра ахахьы агеит аҵысра “Ҳамас”. Аракетатә жәылара иалагаанӡа Израиль аҵакырахь иасит палестинатә аибашьцәа ргәыԥқәа.

Израиль Атәылахьчаратә мчқәа арратә ҭагылазаашьа рыларҳәеит.

Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Лаша Жваниа иажәақәа рыла, иҟоу адыррақәа рыла, иҭахеит 22-ҩык. Ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла атәылауаа аԥхасҭа роуит ҳәа ацҳаражәҳәараҿ адырра ҟаҵамызт.