Иракли Ӷарибашвили инапхгарала аекономикатә хеилак еилатәара мҩаԥган
Иракли Ӷарибашвили инапхгарала аекономикатә хеилак еилатәара мҩаԥган

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган. Аилатәараҿы сынтәа  имҩаҧыргараны иҟоу апроектқәа ирылацәажәеит. 

Ахеилак алахәылацәа 2023 шықәсатәи азеиҧш биуџьет анагӡара арбагақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала,  аплан иарбаз арбагақәа ирҿоурҧшыр, ахашәалақәа 102.2%-ла, ашәахтә хашәалақәа 101.7%-ла, априватизациа 124.3%-ла, ашәахтәқәа 100.3%-ла, акапиталтә харџьқәа 101.2%-ла инагӡан, аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа ахырхарҭала азеиҧш биуџьет адефицит  2.5% иаҟароуп. 

Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡе ишиҳәаз ала, 2023 шықәсазы Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра аҳәынҭқарратә биуџьет нанагӡеит 102.5%-ла, ҽакала иаҳҳәозар, 83.3 миллион лари ала еиҳаны, аминистрра аҳәынҭқарратә биуџьет акассатә ахарџь 3 434.8 миллион лари иаҟаран, ари арбага аплан аасҭа (3 351.4 миллион лари) 83.3 миллион лари ала еиҳауп. 

Иара убас, ахеилак аилатәараҿы, социалла ихьчам аҭаацәарақәа афымца ахархәаразы асубсидиақәа рзоужьҭра азҵаара иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, социалла ихьчам аҭаацәарақәа рбаза иану, 150 000 аасҭа еиҵны ареитингтә балл змоу аҭаацәарақәа, дара рхы иадырхәаз афымцазы 2024 шықәсазгьы асубсидиақәа рзоурыжьҭуеит.   

Ахҵәацәа русқәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистр Зураб Азарашвили ишиҳәаз ала, 2023 шықәса анҵәамҭаз Арегулиациатә комиссиа аӡбарала абзазаратә хархәара змоу афымца ахә 3,0 ҭеҭри ала ишмаҷхазгьы, социалла ихьчам ауааҧсыра, ҧасеиҧш, асубсидиақәа роуеит.  

Аминистр иҳәамҭала, 2024 шықәсазы, социалла ихьчам аҭаацәарақәа, ареитингтә баллқәа инрықәыршәаны,  рхы иадырхәо киловаттк афымцазы ирзоурыжьҭуеит 12,5 ҭеҭри. Зыӡбахәы ҳәоу азинҷыда рхы иадырхәоит  250 000 раҟара аҭаацәарақәа.