Иракли Ӷарибашвили иӡбарала, Қарҭтәи аметро авагонқәа рырҿыцразы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә 475 миллион лари алырхуеит
Иракли Ӷарибашвили иӡбарала, Қарҭтәи аметро авагонқәа рырҿыцразы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә 475 миллион лари алырхуеит

Қарҭтәи аметро авагонқәа рырҿыцразы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә 475 миллион лари алырхуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Қарҭ ахада Каха Калаӡеи Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии данырԥылоз.

Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз аиԥылараҿ апроект адетальқәа ирыхәаԥшын, наҟ-наҟтә ашьаҿақәа рыхцәажәеит.

Қарҭ ахада иажәақәа рыла, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иаархәоит 212 ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу аметро авагонқәа раахәара. 212 вагон рыла 45 дәыӷбак шьақәгылоит.

Каха Калаӡе ишааицҳаз, ари аӡбара шьаҭас аҭаны, арҭ амшқәа рзы аџьармыкьа аҭҵаара иалагоит, уи ашьҭахь ирыларҳәоит жәларбжьаратә тендер.