Иракли Ӷарибашвили - Иахьатәи амш ҭынч шымҩаԥысуа агәра згоит
Иракли Ӷарибашвили - Иахьатәи амш ҭынч шымҩаԥысуа агәра згоит

Иахьатәи амч ҭынч шымҩаԥысуа, даҽазнык ииашоу алхра шыҟаҳҵо, уаҵәтәи амш иахьатәи амш аҵкьыс еиӷьхап ҳәа агәра згоит,  – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили абжьыҭира ашьҭахь. Аԥыза-министр Ваке иҟоу 11-тәи алхырҭаҿ иареи иԥшәме иԥеи иманы днеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы “Ақырҭуа гәахәтәы” адгылаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит алхрақәа рахь инеирц.

“Ҳәарада, сара ҳтәыла ҭынч аҿиара сыбжьы асҭеит, ҳтәылагьы, раҧхьа иргыланы, ҳажәларгьы аҭынчреи, аҭәышәынтәалареи, аҿиареи, мышхәыбзазареи ауп ирҭаху, уи ҳмилаҭтә хықәкы хадоуп. Агәра ганы сыҟоуп иахьа ҳажәлар аӡбара иаша шрыдыркыло, аилаҩынтәреи, аидыслареи, аиҿагылареи, аполиаризациеи акәымкәа, атәыла аҭышәынтәалара рыбжьы шарҭо. Абри ауп сара исҭаху, агәра ганы сыҟоуп иахьа ҳазынтәгьы даҽазнык аӡбара иаша шҳадаҳкыло. Агәра ганы сыҟоуп уаҵәтәи амш иахьатәи аасҭа иаҳа ишеиҕьхо, агәра ганы сыҟоуп абарҭ алхрақәа ҭынч ишымҩаҧысуа. Ауааҧсыра зегьы срыҳәар сҭахуп, алхыҩцәа зегьы срыҳәоит иахьа алхрақәа рышҟа инеины ирҭаху алхра ҟарҵарц. Ҳҧеиҧши, ҳхылҵи, ҳҭаацәарақәеи, ҳтәылеи рзы уи иаҵнакәа рацәоуп,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.