Иракли Ӷарибашвили иахьа Киев аофициалтә аиԥыларақәа мҩаԥигоит
Иракли Ӷарибашвили иахьа Киев аофициалтә аиԥыларақәа мҩаԥигоит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Украинаҿ иофициалтә визитла дыҟоуп. Иракли Ӷарибашвили Киев даҭааит. Борисполтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Украина вице-аԥыза Алексеи Резникови Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Васил Бондари иԥылеит.

Иацы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили  Львов дыҟан, уа украинатәи иколлега Денис Шмыгаль дидикылеит.

Иахьа Киев иалагоит аофициалтә аиԥыларақәа. Қырҭтәыла аԥыза-министр Киев Украина ахада Владимир Зеленскии,  Украина аԥыза-министр Денис Шмыгали, Украина иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы Дмитро Разумков дырԥылоит.  Аԥыза-министри аҳәынҭқаррақәа рлидерцәеи Ҟрымтәи аплатформа асаммит рхы аладырхуеит, асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны адекларациа аус адырулоит.

Қырҭтәыла аԥыза-министр дызхагылоу Қырҭтәыла аделегациа иалоуп вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани, Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе, Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Илиа Дарчиашвили.