Иракли Ӷарибашвили - Иахьа алхрақәа мҩаԥгахар, "Ақырҭуа гәахәтәы" 60% аиуеит
Иахьа алхрақәа мҩаԥгахар, “Ақырҭуа гәахәтәы” 60% аиуеит, акгьы ҳаргәамҵуам, аха атәылеи ажәлари рзы ихырҳагоу алҵшәа аиуразы ҳҽазыҟаҳҵоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Давостәи Адунеизегьтәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз “Мраҭашәаратәи Балканқәа рҿы адипломатиа иазку адиалог” аҿы данықәгылаз ашьҭахь.
Ӷарибашвили иажәақәа рыла, атәылаҿ аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, иласу аекономикатә аҿиареи рыҟазаара ауп ихадароу.
Алрақәа дарныхцәажәоз, аԥыза-министр иазгәеиҭеит аоппозициаа ажәлар ирыдаргало зегьы шымцу.
«Акгьы зылымшо ҳоппозициа ажәлар иҿыцу, ибзиоу ак рыдаргалар рҭахуп, аха ари зегьы имцуп. Ақырҭуа жәлар зегь ибзиаӡаны ирбоит, зегьы ибзиаӡаны иргәалашәоит, атәылаҿ ахԥатәи мчы шыҟам ирдыруеит. Иахьа атәылаҿ аоппозициаа 5% абариер ахыԥаразы аидҵара шырҭаху иубарҭоуп. Аоппозициаа иҟанаҵо интересс исымам, атәылаҿ аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, иласу аекономикатә аҿиареи рыҟазаара ауп ихадароу”, – иҳәеит Ӷарибашвили.