Иракли Ӷарибашвили  - Ҳазҭагылоу амчыбжь азы амедикаментқәа рыхә зырмаҷуа аӡбара ҳадаҳкылоит
Иракли Ӷарибашвили - Ҳазҭагылоу амчыбжь азы амедикаментқәа рыхә зырмаҷуа аӡбара ҳадаҳкылоит

Аҳәахьа наҳагӡеит, аитәылаҿ азарттә хәмаррақәа рызҵаара арманшәалара ҳалшеит. Апарламент алахәылацәа даҽахнык иҭабуп ҳәа  расҳәоит иашьашәалоу азакәан ахбрыдыркылаз, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахьа имҩаԥгаз аиҳабыра реилатәара аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишааицҳаз, ахәшәқәа рыхә армариара азҵаара аус адырулшоит.

“Даҽа зҵаарак аӡбара ҳаҿуп – ахәшәқәа рыхә армариара азҵаара. Ҳазҭагылоу амчыбжь азы амедикаментқәа рыхә зырмаҷуа аӡбара ҳадаҳкылоит. Афармацевттә џьармыкьа аҳасабырба ихыркәшоуп. Аминистр ҿыц, батони Зура, аконкуренциазы агентра анапхгаҩы диԥылеит. Урҭ астратегиатә уснагӡатәқәа рыхцәажәеит. Ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аартра ҳгәы иҭоуп, Ҭырқәтәылантә зхаҭабзиара ҳараку ахәшәқәа раиура ҳалшар азы.

Иара убас ари ахырхарҭала аҭагылазхаашьа еиӷьхар азы иашьашәалоу азаҟәан аус ҳадаҳулоит,” – иҳәеит аԥыза-министр.