Евроеидгыла алалара азҵаара анадҳәалоу, ҳнапхгара аишьҭагыларатә амҩа амоуп. Европатәи аперспектива, Европатәи амҩа ҳажәлар алырхит. Ари амҩа хынҳәышьа змам процессуп, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳнапхгара абзоурала ари апроцесс ирццакуп, – Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Германтәыла аканцлер Олаф Шольц иҟны аиԥылара ашьҭахь имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы даныҟәгылоз.
Аԥыза-министр иажәақәа рыла, “Ақырҭуа гәахәтәы” анапхгара ахаан Қырҭтәыла Европа азааигәахеит.
Қырҭтәыла аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит европатәи аперспектива Евроеидгылашҟа аинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәылазы иамоу аҵакы, ишазгәаҭаз ала, атәыла ари апроцесс ҭакҧхықәра дула иазныҟәоит. Ари аконтекст аҿы хшыҩзышьҭра рзуун Европатәи ахеилак абжьагарақәа рынагӡара аҵаки, иҟаҵатәу ашьаҿақәеи, ауснагӡатәқәа рплани, ари ахырхарҭала аинклиузивтә усурақәа мҩаҧысуеит, уи иалахәып апарламенти, аиҳабыреи, аоппозициатә партиақәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи.