Иракли Ӷарибашвили - ЕАШ аиустициа адепартамент адыррақәа рыла иубарҭоуп асимулиант Саакашвилии иҭаацәареи, европаа џьоуки ҳтәыла шаӷацәоу
Иракли Ӷарибашвили - ЕАШ аиустициа адепартамент адыррақәа рыла иубарҭоуп асимулиант Саакашвилии иҭаацәареи, европаа џьоуки ҳтәыла шаӷацәоу

Аԥыз-министр Иракли Ӷарибашвили иахьа ЕАШ аиустициа адепартамент аланарҵәаз аҳасабырба дахцәажәеит. Ӷарибашвили иажәақәа рыла,  адыррақәа рыла иубарҭоуп асимулиант Саакашвилии иҭаацәареи, европаа џьоуки ҳтәыла шаӷацәоу.

ЕАШ аиустициа адепартамент Гиули Аласаниеи Михеил Саакашвилии қьырала иргаз алобисттә еилахәырақәеи урҭ русзуреи иазку адыррақәа аланарҵәоит. ЕАШ аиустициа адепартамент авебдаҟьа ианылаз адыррақәа рыла, алобисттә аусзуразы иршәеит 96393 доллар. Аԥара зшәаз иреиуп Гиули Аласаниа, Ҭемур Аласаниа, аилахәыра “Акерман”. Урҭ рҟынтә зегь реиҳа ирацәаны аԥара ишәеит Ҭемур Аласаниа -32 нызқь доллар. Аилахәыра “Акерман” аҳасабырбаҿ ишану ала, урт Михеил Саакашвили алобисттә маҵзура изаарԥшразы, Ҭемур Аласаниа иҟынтә 75 451 доллар роуит.