Иракли Ӷарибашвили диԥылеит Кавказ азҵаарақәа реиҿацәажәаразы Америкатә абжьагаҩ хада
Иракли Ӷарибашвили диԥылеит Кавказ азҵаарақәа реиҿацәажәаразы Америкатә абжьагаҩ хада

 

 

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили диԥылеит Кавказ азҵаарақәа реиҿацәажәаразы Америкатә абжьагаҩ хада Луис Боно.

Апресс –маҵзура ишаанацҳауа ала атәыла аиҳабы Луис Боно  иусура алагара идиныҳәалеит.

«Рцәажәара акьысыит арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьа, иара убас ихадаз зҵаараны еилдыргеит аԥыза-министр иаԥшьгара Аладатә Кавказ аҭынч аигәылара.

Аганқәа иара убас иалацәажәеит  иҟаоу астратегиатә апартнерра Қырҭтәылеи Еиду Америкатә Аштатқәеи рыбжьара, анас русеицура еицеиԥшым ахырхарԥҭақәа рыла»- иҳәоуп апыза-министр ипресс маҵзура аҳәамҭа аҟны.