Иракли Ӷарибашвили Чехиатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц дылҧылеит
Иракли Ӷарибашвили Чехиатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Чехиатәи ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ҭеа Маисураӡе дылҧылеит.  

Аҧыза-министр адипломат амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара лыдныҳәаланы, наҟ-наҟ лусураҿы ақәҿиарақәа лзеиҕьеишьеит.  

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Чехиатәи ареспубликеи рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара иаҿуп ҩ-ганктәи аформатаҿ, иара убас, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны. Иаҵшьны иазгәаҭан аекономикеи, аенергетикеи, атуризми, аҵареи аусхкқәа рҿы аусеицура аҵакы. Аиҧылара алахәылацәа ҳаҧхьаҟа  аусеицура иаҳа арҭбаара ишақәгәыҕуа рҳәеит.