Иракли Ӷарибашвили Чехиа апарламент асенат ахада Милош Вистрчил диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Чехиа апарламент асенат ахада Милош Вистрчил диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Чехиа апарламент асенат ахада Милош Вистрчил диԥылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ аганқәа иазааҭгылеит ҩтәылак ирыбжьоу аусеицура азҵаара.

Иара убас иахәаԥшит атәылақәа реизыҟазаашьақәа арҭбаара аперспектива.

Милош Вистерчил Қырҭтәыла аиабыра рнапхгаҩы ишиаиҳәаз, Чехиа Қырҭтәыла евроиньеграциа апроцесс адгылоит.

Аԥыза-министр Чехиа апарламент асенат ахада  Қырҭтәыла ахьӡала Чехиа атәыла хантәаҩыс аҟаҵара идиныҳәалеит.