Иракли Ӷарибашвили Братислава имҩаԥысуа GLOBSEC афорум ихы алаирхәоит
Иракли Ӷарибашвили Братислава имҩаԥысуа GLOBSEC афорум ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Братислава рашәара 2-4 рзы имҩаԥысуа GLOBSEC афорум ихы алаирхәоит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиҳабыра рнапхгаҩы афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны апленартә дискуссиаҿ дықәгылоит. Адискусииа тема хадас амоуп мрагыларатә агәылараҿ аидгылаҩцәа рҟны апартниорра арӷәӷәара. Иракли Ӷарибашвили ицны алискуссиа далахуп Молдова ахада Маиа Санду.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Иракли Ӷарибашвили зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа мҩаԥигоит.