Иракли Ӷарибашвили - Ареформа иабзоураны амедикаментқәа рыхә 40% рыла маҷхеит
Ареформа иабзоураны амедикаментқәа рыхә 40% рыла маҷхеит, – асоциалтә каҭаҿы иҩит Қырттәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.
Аԥыза иажәақәа рыла, ареференттә ахә етапла егьырҭ амедикаментқәа рзы иҳәаақәҵахоит.
“Ҵыԥх Ҭырқәтәыла афармацевттә џьармыкьа ааҳартит. Аԥшьгара иабзоураны атәылаҿ ахәшәқәа рыхә 60-80: рыла маҷхеит. Ҭырқәтәыла афармацевтикатә џьармыкьа аартра ала, Қырҭтәыла ауааԥсыра 200 миллион рҟынӡа лари аекономиа рыман.
Уажәы ареформа ҿыц ҳалагеит, уи ала ахәшәқәа рыхә иҳәаақәҵахоит.
Иҳәаақәҵоуп 1300-иреиҳаны ахроникатәи аонкологиатәи медикаментқәа рыхә
Жәабран 15 инаркны афармацевттә аилахәырақәа ахә цәгьала ахәшәқәа рҭира ирылшахом. Ареформа иабзоураны амедикаментқәа рыхә 40% рыла маҷхеит”, – иҩит Иракли Ӷарибашвили.