Иракли Ӷарибашвили - Ақырҭуа ар зегьы иреиҕьу аҭагылазаашьақәа рыхәҭоуп
Иракли Ӷарибашвили - Ақырҭуа ар зегьы иреиҕьу аҭагылазаашьақәа рыхәҭоуп

Ақырҭуа ар ҳтәыла ахьыԥшмра, асуверенитет, атерриториатә акзаара ахьчара ашьаҭа хада ауп.  Ақырҭуа ар иреиӷьу зегь амазароуп, ҳара иҳуалуп шәмаҵзура иахәҭоу апату ақәыҳҵар, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа ршьаҭаркра 32 шықәсатәи аиубилеи инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы.

„ Ҳгәы зыздуу, ҳтәыла амаҵ зуа, иалкаау ҳарруаа, шәызынтәгьы иахьатәи амш шәыдысныәҳалар сҭахуп. Ари амш рыдысныҳәалар сҭахуп зиааира ҟамлоа, зхы иамеигӡо,  Атәылахьчаратә мчқәа аветеранцәа инарываргыланы ҳтәыла ахақәиҭра иазықәҧоз, иахьагьы иазықәҧо,  ахәрақәа зауз ҳауаа фырхацәа. Шәызынтәгьы амаҵзура бзиазы ҭабуп әҳа шәасҳәар сҭахуп, даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ақырҭуа ар ҳтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ахьчаратә ашьаҭа ҕәҕәеи ахәдақәҵаҩ хадеи шакәу. Сашьцәа,  иҭахаз ҳауаа зегьы иахьа ҳаҭырла исгәаласыршәар сҭахуп, дара ҳәтыла ахьыҧшымреи аҧеиҧши рхы ақәырҵеит. Дара рықәҧара ҳмилаҭи  Қырҭтәылеи арҕәҕәеит,“- иҳәеит аҧыза-министр. 

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, ақырҭуа ар, зегьы иреиҕьу аҭагылазаашьақәа рыхәҭоуп. Иара жәларбжьаратәи апартниорцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит ақырҭуа ар арҕәҕәара ацхрааразы.