Иракли Ӷарибашвили - Апроект "Ар рықалақь" ихыркәшоуп, иахьа ҳаруаа-гәымшәақәа ауадақәа раҳҭеит, урҭ пату рықәҵара аҳәынҭқарра иауалуп
Иракли Ӷарибашвили - Апроект "Ар рықалақь" ихыркәшоуп, иахьа ҳаруаа-гәымшәақәа ауадақәа раҳҭеит, урҭ пату рықәҵара аҳәынҭқарра иауалуп

Апроект “Ар рықалақь” ихыркәшоуп, иахьа ҳаруаа-гәымшәақәа ауадақәа раҳҭеит, урҭ пату рықәҵара аҳәынҭқарра иауалуп, –  иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибавшили.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибавшили иажәақәа рыла, апроект “Ар рықалақь” нагӡахоит.

Мшыбзиақәа, акыр иаҧсоу аҩызцәа, ҳгәы зыздуу ҳаруааи, рҭаацәара алахәылацәеи, рхылҵи, ҳаҭыр зқәу аинралцәеи аофицарцәеи, шәызынтәгьы ҳаҭыр дула салам шәысҭоит. Зҵакы дуу даҽа проект ахыркәшара шәыдысныҳәалар сҭахуп. „Ар рықалақь“ аргылара хыркәшоуп, иахьа ҳара, гәахәарала, ҳгәы зыздуу ҳаруааи рҭаацәарақәеи абарҭ иҧшӡаӡоу ауадақәа раҳҭоит. Сгәырҕьара ҳәаа амам, избанзар, ҳазалагаз даҽа уск, дара проектк хыркәшоуп. Ишыжәдыруа еиҧш, сара аминистрс саныҟаз исҳәеит ҳаруаа зегьы иреиҕьу аҭагылазаашьақәа шрыхәҭоу, усҟан ҳара азҵаарақәа зегьы етапла рыӡбара ҳалагеит, абазақәа реиҭашьақәыргылара, аибыҭара аахәара, уҳәа азҵаарақәа зегьы рҭыҧқәҵара ҳалагеит, аха, ҳара ҳзы аҧыжәара змаз аҳасабтәқәа иреиун Ар рықалақь апроект анагӡара. Ари апроект ирласны ишынагӡаз жәдыруеит. Аргыларатә еилахәыра анапхгара, аргылаҩцәа, уҳәа, ари апроект иалахәыз ауааҧсыра зегыь ҭабуп әҳа расҳәар сҭахуп. Ишыжәдыруа еиҧш, ҳара ҳаруаа, ҳгәы зыздуу ҳарратә маҵзуҩцәа зеиҧшҟамлац ала ибзиоу аҭагылазаашьақәа рыдаагалеит. Ари апроект ахыркәшара сеигәырҕьоит, аха, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ари апроект шынагӡахо. Хара имгакәа абри аҩызаҵәҟьа апроект наҳагӡоит. Иара убас, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳҳәынҭқарра шәара шәмаҵзура, шәыхмеигӡара, шәфырхаҵара иҳаракны ахә ашьара ишауалу. Арратә маҵзура хәы змам маҵзуроуп, ҳара ҳазынтәгьы, раҧхьа иргыланы аиҳабыра, атәыла анапхгара, ҳазынтәгьы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп шәмаҵзура, ҳтәыла аҿаҧхьа шәыхмеигӡареи шәфырхаҵареи ишахәҭоу еиҧш ахә шьазарц азыҳәан“, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.

Арратә маҵзуҩцәа “Ар рықалақьаҿ” ауадақәа роуит. Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, ацеремониа рхы аладырхәит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибавшилии Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи, атәылахьчаратә мчқәа рхаҭарнакцәеи урҭ рҭаацәарақәеи. „Махаҭа ашьхаҿ, „Ар рықалақь” аргылара 2020 шықәса жьҭааразы Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибавшили иԥшьгарала алагеит. Махаҭа ашьхаҿ иргылан 39 еихагыла змоу 7 аҩнеихагыладу, арратә маҵӡуҩцәа роуит 1092 уада.