Атәымтә ҳпартниорцәа рҟны аусеицура иабзоураны, ииашаны имҩаԥгаз ареформақәеи, ииашоу ашьаҿақәеи, шәпрофессионализми ирыбзоураны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзура иабзоураны, ақырҭуа полициа жәларбжьаратәи аполициатә усзура активла аҽалахәуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр аполициа амш инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ақырҭуа аполициаа ҳтәыла атәылауаазегьы рыхьчоит.
“Ҳара аполициа атрансформациа ҳалшеит. Аҭыԥ амам ақырҭуа полициа аполитизациа. Ақырҭуа аполициаа ҳтәыла атәылауаазегьы рыхьчоит”, – иҳәеит Ӷарибашвили.
Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз, аполициа аганахьала шьаҭа змам, аҳаҭыр лазырҟәо аҳәамҭақәа рыҟаҵара аҭыԥ амамзароуп, аха аоппонентцәа ари лассы-лассы ҟарҵоит.
“Аполициа аусуҩ узлакьысыр ҟамло уаҩы иоуп, аполициа аганахьала шьаҭа змам, аҳаҭыр лазырҟәо аҳәамҭақәа рыҟаҵара аҭыԥ амамзароуп, аха аоппонентцәа ари лассы-лассы ҟарҵоит”, – иҳәеит Ӷарибашвили.