“Ақырҭуа гәахәтәы” аполитхеилак аизара ду аҿы Иракли Ӷарибашвили апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” хантәаҩыс далырхит.
Иракли Ӷарибашвили икандидатура иадгылеит алахәылацәа зегьы
Асасааирҭа “Параграф Қарҭ” аҿы апартиа аизара ду мҩаԥысуеит.
Аԥыза-министри аиҳабыреи шьақәдырӷәӷәароуп иаауа амчыбжь азы имҩаԥысуа асессиақәа раан.
Ажьырныҳәа 29 рзы Иракли Ӷарибашвили инапынҵақәа шьҭеиҵеит.