Иракли Ӷарибашвили - Агәыӷрадареи аперспективадареи рхаан, Биӡина Иванишвили ауаажәлар еидикылан, ажәлр рконсолидациа иабзоураны, ҳҭоурых аҿы раԥхьаӡа анапхгара ҭынч мҩала аԥсахра алшахеит
Иракли Ӷарибашвили - Агәыӷрадареи аперспективадареи рхаан, Биӡина Иванишвили ауаажәлар еидикылан, ажәлр рконсолидациа иабзоураны, ҳҭоурых аҿы раԥхьаӡа анапхгара ҭынч мҩала аԥсахра алшахеит

2012 шықәса жьҭаара 1 азы имҩаԥгаз алхрақәа ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы зегь реиҳа зҵак дуу хҭысны иҟалеит, ажәлар Биӡина Иванишвили игәра рган, автократтә, амилаҭ аҿагыларатә, ажәлар рҿагыларатә напхгара ацынхәрас адемократиатә гәыԥ  напхгарахь ааргеит, ари ала атәылаҿ аҿиара аетап ҿыц алагеит, – иҩит асоциалтә каҭаҿы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Ӷарибашвили иажәақәа рыла, агәыӷрадареи аперспективадареи рхаан, Биӡина Иванишвили ауаажәлар еидикылан, ажәлр рконсолидациа иабзоураны, ҳҭоурых аҿы раԥхьаӡа анапхгараҭынч мҩала аԥсахра алшахеит.

„Иахьа ари алхрақәа рылҵшәақәа иубарҭоуп – ҳполитикатә гәыԥ ахьыԥшымра ахьчара алшеит, имҩаԥаагеит аекономикатәи асоциалтәи реформақә, адемократиатә институтқәа рырӷәӷәара ҳацхрааит, ақырҭуа жәлар рзы аҭоурыхтә гәахәтәы  – Евроиедгыла алаларахь ашьаҿа ҟаҳҵеит. Атәыла адемократиатә трансформациа, ашәарҭадареи мышхәбзазареи реиқәыршәара апроцесс наҳагӡоит. “Ақырҭуа гәахәтәы” алахәыла-цыԥхьаӡеи ҳауажәлари иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп адгылареи агәрагареи рзы. Ақырҭуа ҳәынҭқарра амч ажәлари анапхареи реидгылараҿ ауп, ари акзаара ала еиҟәшоу ҳтәыла аидкылара ҳалшоит ҳәа агәра згоит“, – иҩит Иракли Ӷарибашвили.