Иракли Ӷарибашвили – Адокумент анапаҵаҩрала ҳаҭыр зқәу Мелиа абахта дҭыҵырц алшара иаҳҭеит, уажәы иҟало-ишыҟало аоппозициаа рхымҩаԥгашьа иадҳәалоуп
Иракли Ӷарибашвили – Адокумент анапаҵаҩрала ҳаҭыр зқәу Мелиа абахта дҭыҵырц алшара иаҳҭеит, уажәы иҟало-ишыҟало аоппозициаа рхымҩаԥгашьа иадҳәалоуп

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Шарль Мишель идокумент анапаҵаҩрала Мелиа абахта дҭыҵырц алшара ирҳҭеит, уажәы иҟало-ишыҟало аоппозициаа рхымҩаԥгашьа иадҳәалоуп.

«Адокумент анапаҵаҩрала ҳаҭыр зқәу Мелиа абахта дҭыҵырц алшара иаҳҭеит, уажәы иҟало-ишыҟало аоппозициаа рхымҩаԥгашьа иадҳәалоуп,» – иҳәеит Ӷарибашвили Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишели иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы.

Мшаԥы 19 рзы Орбелианиаа рхан аҿы, Шарль Мишель апартиақәа ирыдигалаз адокумент анапаҵаҩра мҩаҧысит.

Шарль Мишель апартиақәа ажәалагала ҿыц рыдигалеит. Адокумент ҿыц инақәыршәаны, аҭыҧантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа рҿы  анапхгаратә партиа  апропорциатә сиақәа рыла 43% еиҵны ироур,  2022 шықәсазы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахоит.