Иракли Ӷарибашвили - Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла  500 000-ҩык иреиҳаны аҕарра иалҵит
Иракли Ӷарибашвили - Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла 500 000-ҩык иреиҳаны аҕарра иалҵит

Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла 500 000-ҩык иреиҳаны аҕарра иалҵит, –  иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили азанааҭтә ҵара аҿиара апроект ҿыц аӡыргараҿ данықәгылоз.

Ӷарибашвили иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи хышықәса рыла аусурҭадареи аӷарреи рырбага маҷхеит.

„Аҕарреи аусурҭадареи аҭоурыхтә минимум аҟынӡа илаҟәыит. 2012 шықәсазы аҕарра арбага 30% иаҟаран, ҧасатәи аиҳабыра рхаан аусурҭадара арбага 27% еиҳан. Иахьа аусурҭадара арбага 17% иаҟароуп, аӷарра арбага – 15%. Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла 500 000-ҩык иреиҳаны аҕарра иалҵит”, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр .