Иракли Ӷарибашвили  - 2024 шықәсазы Анаклиатәи абаҕәаза аргылара ҳалагоит, 51% наӡына аҳәынҭқарра иатәхоит, егьи ахәҭаз аинвесторцәа иртәызаауеит
Иракли Ӷарибашвили - 2024 шықәсазы Анаклиатәи абаҕәаза аргылара ҳалагоит, 51% наӡына аҳәынҭқарра иатәхоит, егьи ахәҭаз аинвесторцәа иртәызаауеит

Активтә фазаҿ иҟоуп аӡаҵантәи афымцамҩангагатә акабель аргылара. Ари апроект Бриуссель ҳалацәажәеит, саргьыари апроцесс салахәын. 2021 шықәса мшаҧы азы, ҳара апроект дуқәа аналҳхоз, ари азҵаара хшыҩзышьҭра ду аман. Ҳара аханатәгьы Евроеидгыла аҟынтәи адгылара ҕәҕәа ҳауит. Анеҩс, ҳстаратегиатә партниорцәа – Азербаиџьани, Румынтәылеи, Венгриеи рҟны активла аусеицура наҳагӡан, ҵыҧх амеморандум ҳнапы аҵааҩит. Уажәы ари апроект активла аҭҵаара иаҿуп, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили 2023 шықәсатәи аҳасабырба аӡыргараан.

“2024 шықәсазы Анаклиатәи абаҕәаза аргылара ҳалагоит, 51% наӡына аҳәынҭқарра иатәхоит, егьи ахәҭаз аинвесторцәа иртәызаауеит”, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.