Иракли Ӷарибашвили - 2021 шықәсазы ҩы-хыԥхьаӡарак змоу аекономикатә рбага ҳаман
2021 шықәсазы ҩы-хыԥхьаӡарак змоу аекономикатә рбага ҳаман, – иахьа имҩаԥысыз Аиҳабыра реилатәараҿы ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.
Аԥыза-министр иажәақәа рыла, аекономика иласу аиҭашьақәыргылара иабзоураны, Аиҳабыра ашьаҭатәи афискалтә параметрқәа реиӷьтәры рылшеит.
„Аекономика иласу аиҭашьақәыргылара иабзоураны, Аиҳабыра ашьаҭатәи афискалтә параметрқәа реиӷьтәры рылшеит: азеиԥш ҩнуқҟатәи аалыҵ апланс иҳамаз ауал 60.1% ацынхәрас, 50%-нӡа маҷхеит; азеиԥш буџьет адефици 7,6% ацынхәрас, азеиԥш ҩнуқҟатәи аалыҵ 6,1%-нӡа маҷхеит. Убри аҟынтә, 2021 шықәсазы ҩы-хыԥхьаӡарак змоу аекономикатә рбага ҳаман ҳәа исҳәар сылшоит,” – иҳәеит Ӷарибашвили.