Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ҭушеҭи, Омало ақыҭан, аполициа ахыбра ҿыц гәеиҭеит.
Омало аполициа ахыбра ҿыц дыргылеит аполициатә инфраструктура арҿыцра апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ахыбра ашьхаҳаракыратә регион аҭагылазаашьақәеи ҳаамҭазтәи астандартқәеи ирышьашәаланы иргылоуп.
Ҭушеҭи, Омало ақыҭан уаанӡа аполициеи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхылаҧшреи ахыбра иҟамызт. Атуристтә сезон аан, ианаҭахыз, аиқәырхаҩцәа ирыҧхьон Ахмета амуниципалитет аҿы иҟоу ахәҭа аҟынтәи.