Иракли Ӷарибашвили Ҭырқәтәыла ахада амилаҭтә ныҳәамш идиныҳәалоит
Иракли Ӷарибашвили Ҭырқәтәыла ахада амилаҭтә ныҳәамш идиныҳәалоит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан амилаҭтә ныҳәамш идиныҳәалоит. Аԥыза-министр адныҳәалара асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы ҟаиҵеит.

“Ҭырқәтәылатәи ареспублика шьақәгылеижьҭеи 99 шықәса ҵра шәыдысныҳәалоит. Ҭырқәтәылеи атырқәа жәлари бышхәбзазара ирзеиӷьасшьоит. Абри еиԥш аҩыза гәакьа, астратегиатә партниор ахьҳамоу даара сеигәырӷоит. Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа наҟ-наҟ иаҳа шыӷәӷәахо агәра згоит”, – иануп Ӷарибашвили идныҳәалараҿ.