Иракли Ӷарибашвили аполитика далҵит. Ари аҳәамҭа аиара апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” аофицс аҿы имҩаԥгаз абрифинг аҿы ҟаиҵеит.
“Иахьа “Ақырҭуа гәахәтәы” иаку иӷәӷәоу аполиткатә мчуп, ари аус аҿы алагала ҷыда апартиа ашьаҭаркҩы, пату зқәу ахантәаҩы Биӡина Иванишвили ҟаиҵеит, иара ибзоуроуп атәылаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьҳамоу. Биӡина Иванишвили ҳтәыла азы зегь реиҳа ицәгьоу аҭагылазаашьаҿ агәыԥ аконсолидациеи, акзаареи, атәылеи ауаажәларреи идуӡӡоу ашәарҭақәа рҽацәыхьчареи илшеит.
Усҟан сара исымаз аҭакԥхықәра, ауалԥшьа насыгӡеит, аполитикаҿ сыҟазаара уаҳа иаҭахым ҳәа сгәы иаанагоит. Убри аҟынтә апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” алҵра иазку аӡбамҭа сыдыскылеит”, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.
Иракли Ӷарибашвили апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” хантәаҩыс 2024 шықәса жәабран 1 азы далхын.
Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәылa Аҧызa-министрс дыҟан раԥхьаӡа 20.10.2013 – 24.12.2015 шш. рзы, аҩынтәраан – 22.02.2021-29.01.2024 шш рзы, иара убас 08.09.2019-22.02.2021 шш. рзы Қырҭтәыла атәылахьчара министр иҭыԥ ааникылон.