Иракли Ӷарибашвили - Арегион аҿы ицәгьоу апроцессқәа мҩаԥысуеит, Украина зымҽхак ҭбаау аибашьра цоит, сгәы шаанаго ала, абри еиԥш аамҭазы иреиҳаӡоу ар рԥыза атәылаҿ дыҟазароуп
Иракли Ӷарибашвили - Арегион аҿы ицәгьоу апроцессқәа мҩаԥысуеит, Украина зымҽхак ҭбаау аибашьра цоит, сгәы шаанаго ала, абри еиԥш аамҭазы иреиҳаӡоу ар рԥыза атәылаҿ дыҟазароуп

Арегион аҿы ицәгьоу апроцессқәа мҩаԥысуеит, Украина зымҽхак ҭбаау аибашьра цоит, сгәы шаанаго ала, абри еиԥш аамҭазы иреиҳаӡоу ар рԥыза атәылаҿ дыҟазароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

“Лвизит аԥыхра мзызс, аргумент хадас ари амоуп. иара убас, Қырҭтәыла аконституциа инақәыршәаны, адәныҟатәи аполитика аҳәаақәҵара алшоит Қырҭтәыла апарламент, уи нанагӡоит – Қырҭтәыла аиҳабыра.

Абри аҟынтә, ахада иарбанзаалак леиԥылара аконституциа инақәыршәаны, Қырҭтәыла аиҳабыра аҟынтә ақәшаҳаҭхара амазароуп. Зегь еилкаауп ҳәа сгәы иаанагоит,” – иҳёеит Иракли Ӷарибашвили.