Ираклий Кобахидзе – Европатәи аӡбарҭа ақәҵара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит, ҳтәыла ахьыҧшымра арҕәҕәеит
Ираклий Кобахидзе – Европатәи аӡбарҭа ақәҵара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит, ҳтәыла ахьыҧшымра арҕәҕәеит

«Европатәи аӡбарҭа Урыстәыла аҭакҧхықәра наӡа ақәнаҵеит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ақырҭуа ауааҧсыра рықәыҕәҕәареи, ауаа раанкылареи, аиҭаҵра ахақәиҭра аҧкреи азыҳәан», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла,  Европатәи аӡбарҭа ақәҵара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит, ҳтәыла ахьыҧшымра арҕәҕәеит.

«Қырҭтәыла Страсбургтәи аӡбарҭаҿы акрызҵазкәа аиааира агеит.  Европатәи аӡбарҭа Урыстәыла аҭакҧхықәра наӡа ақәнаҵеит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ақырҭуа ауааҧсыра рықәыҕәҕәареи, ауаа раанкылареи, аиҭаҵра ахақәиҭра аҧкреи азыҳәан. Иҳаракӡоу аҩаӡараҟны даҽазнык ишьақәырҕәҕәан Урыстәыла аҭак шаҧхықәу Европатәи аконвенциа иашьашәалам афактқәа зегьы рзы, абордеризациеи ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареигьы уахь иналаҵаны.  Европатәи аӡбарҭа ақәҵара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит, ҳтәыла ахьыҧшымра арҕәҕәеит. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа   — Аиустициа аминистрреи,  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи,  Қырҭтәыла Апрокуратура хадеи,  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи ҭабуп ҳәа расҳәоит,  ари аус аҿы алагала ҟазҵаз ауаа зегьы сраҭабууп», — иҳәеит аҧыза-министр.