Ираклий Кобахидзе -  99 наӡынала агәра ганы ҳаҟоуп Ахеилак Еврокомиссиа аихшьаала ишақәныҟәо, ҳара аиҭакрак ҳалоит ҳәа ҳаҟам, Қырҭтәыла апараметрқәа зегьы рыла аҧхьагылара амоуп, абри аҭакҧхықәроуп иҳаду
Ираклий Кобахидзе -  99 наӡынала агәра ганы ҳаҟоуп Ахеилак Еврокомиссиа аихшьаала ишақәныҟәо, ҳара аиҭакрак ҳалоит ҳәа ҳаҟам, Қырҭтәыла апараметрқәа зегьы рыла аҧхьагылара амоуп, абри аҭакҧхықәроуп иҳаду

«Ҳара ҳаибашьуазҭгьы, ҳаргьы астатус ҳарҭон, аха, аибашьра ацынхәрас иҳарҭаз аперспектива амазаара еиҕьуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.

«99 наӡынала агәра ганы ҳаҟоуп Ахеилак Еврокомиссиа аихшьаала ишақәныҟәо, ҳара аиҭакрак ҳалоит ҳәа ҳаҟам, Қырҭтәыла апараметрқәа зегьы рыла аҧхьагылара амоуп, абри аҭакҧхықәроуп иҳаду.  Шәара Украинеи Молдовеи шәнеины, шәхалагьы ижәбар шәылшоит Қырҭтәыла ахырхарҭақәа  зегьы рыла аҧхьагылара шамоу.  Ҳара иаартны иҳарҳәеит Украина еибашьуеит, убри азоуп астатус заҳҭо ҳәа, Макрон иоуп уи зҳәаз. Иара иажәақәа рыла, Украина ари астатус ахәҭам, аха, ари атәыла еибашьуан, убри аҟынтә, астатус арҭароуп.   Ҳара ҳаибашьуазҭгьы, ҳаргьы астатус ҳарҭон, аха, аибашьра ацынхәрас иҳарҭаз аперспектива амазаара еиҕьуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит   Иракли Кобахиӡе.

Иахьа Бриуссель имҩаҧысуа Евроеидгыла асаммит аҿы европатәи алидерцәа Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи Евроеидгыла алаларазы иҟарҵаз азыҳәамҭа иадҳәаланы аӡбара рыдыркылоит.