Ираклий Гарибашвили – Аглобалтә ҭынчра аиқәыршәара аус аҿы Қырҭтәыла иҟанаҵаз алагала иазхаҵоуп адунеи зехьынџьара, ҳхәаҧшыра иаша абзоурала,  ҳара арегион аҿы Америказы ахадаратә стратегиатә партниорс ҳҟалеит
Ираклий Гарибашвили – Аглобалтә ҭынчра аиқәыршәара аус аҿы Қырҭтәыла иҟанаҵаз алагала иазхаҵоуп адунеи зехьынџьара, ҳхәаҧшыра иаша абзоурала,  ҳара арегион аҿы Америказы ахадаратә стратегиатә партниорс ҳҟалеит

«Аглобалтә ҭынчра аиқәыршәара аус аҿы Қырҭтәыла иҟанаҵаз алагала иазхаҵоуп адунеи зехьынџьара. Ҳаруаа фырхацәа инарываргыланы, ақырҭуа дипломатиагьы адунеитә политикаҿы ҳроль шьҭнахит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Адипломатиа амш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, НАТО алалара зҽазызкыз Қырҭтәыла иахьа ишақәнагоу еиҧш ахатә партниорцәа ирыдгылоуп, иахьазы иҟоу аҳасабтәқәа рыӡбаразы аҭакҧхықәра хәҭак ахы аднаҵоит.

«Афганистанынтә ауааҧсыра ревакуациа  амзызла қәҿиарала имҩаҧгаз Қырҭтәыла аҵыхәтәантәи амиссиагьы уи шьақәнарҕәҕәоит. Ишыжәдыруа ала, зыӡбахәы ҳәоу афакт абзоурала,  жәларбжьаратәи аиҩызара даҽазнык иазхарҵеит ҳагәрагара шыҟало. Иара убас, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп аглобалтә контекст аҿы ҳтәыла аҿиара иазку ҳхәаҧшыра иаша абзоурала, ҳара арегион аҿы Америказы ахадаратә стратегиатә партниорс ҳшыҟалаз, абри афакгьы Қырҭтәыла адемократиатә ҳәынҭқаррас аиҭакреи шәарҭада ҳтәыла аҿиареи азы аҵакы ду амоуп. Сызлацәажәо апартниорра иахьа зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп.

Иара убас, аекономикатә аимадарақәа роума, арратә усеицура аума, ҳажәларқәа рыбжьара аимадара уҳәа,  ҳаҧхьаҟа ҳпартниорра иаҳа изырҕәҕәаша  ахырхарҭа ҿыцқәа рыҧшаара ҳаҿуп», — иҳәеит Ҕарибашвили.