Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа Жәлар рыхьчаҩ иахь ааҧхьара ҟарҵеит Мзиа Амаҕлобели лгәабзиара аҭагылазаашьа гәазҭаша амедицинатә гәыҧ ҷыда аиҿкаара еиқәиршәарц
Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа Жәлар рыхьчаҩ иахь ааҧхьара ҟарҵеит Мзиа Амаҕлобели лгәабзиара аҭагылазаашьа гәазҭаша амедицинатә гәыҧ ҷыда аиҿкаара еиқәиршәарц

Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа Жәлар рыхьчаҩ иахь ааҧхьара ҟарҵеит Мзиа Амаҕлобели лгәабзиара аҭагылазаашьа гәазҭаша амедицинатә гәыҧ ҷыда аиҿкаара еиқәиршәарц, – иануп  „Иқәҧшу аиуристцәа рассоциациа“ аҳәамҭаҿы.

„Иқәҧшу аиуристцәа рассоциациа“ аҳәамҭа ишану ала, Мзиа Амаҕлобели лгәабзиара аҭагылазаашьа цқьа игәаҭазарц  азыҳәан, хымҧада аҳақьымцәа ргәыҧ еиҿкаатәуп.

„2025 шықәса ажьырныҳәа  31 рзы иҳауз амедицинатә документ инақәыршәаны, Мзиа Амаҕлобели лгәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы иаҭаху амедицинатә гәаҭарақәеи апроцедурақәеи лзымҩаҧыргом. Жәабран 1 азы ҳара иашьашәалоу аусбарҭақәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵеит зыӡбахәы ҳәоу агәаҭарақәа лзымҩаҧгара еиқәдыршәарц, аха, уезгьы, ари аҳәара иахьанӡагьы ақәҿыҭра амоуит. Мзиа Амаҕлобели 22 мшы  дымлашьуеит, лгәабзиара аҭагылазаашьа еицәахар ауеит.  Мзиа Амаҕлобели лгәабзиара аҭагылазаашьа цқьа игәаҭазарц азыҳәан, хымҧада аҳақьымцәа ргәыҧ еиҿкаатәуп. Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа Жәлар рыхьчаҩ иахь ааҧхьара ҟанаҵоит Мзиа Амаҕлобели лгәабзиара аҭагылазаашьа гәазҭаша амедицинатә гәыҧ ҷыда аиҿкаара еиқәиршәарц, – иануп  „Иқәҧшу аиуристцәа рассоциациа“ аҳәамҭаҿы.