Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа – Ақырҭуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Аконституциатә аӡбарҭеи Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбареи рахь ашшыҧхьыӡ алаҵара ргәы иҭоуп
Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа – Ақырҭуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Аконституциатә аӡбарҭеи Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбареи рахь ашшыҧхьыӡ алаҵара ргәы иҭоуп

«Ақырҭуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа Аконституциатә аӡбарҭеи Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбареи рахь ашшыҧхьыӡ алаҵара ргәы иҭоуп», — иануп Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа аҳәамҭаҿы.

«Ҳара аргама иааҳацҳауеит урыстәылатәи азакәанҧҵара апҟарақәа рыла анхара ҳгәы ишҭам, ҳара атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы иҟоу амеханизмқәа  зегьы ҳхы иаҳархәеит  ари азакәан аҧыхранӡа уи аусура ҳаҧырхагахарцаз.  Абри ахықәкы анагӡаразы, хара имгакәа,   Қырҭтәыла Аконституциатә аӡбарҭахь ашшыҧхьыӡ алаҳҵоит. Аха, Аконституциатә аӡбарҭа мацара акәӡам ҳара азинтә ақәҧаразы алшарас иҳамоу.  Аконституциатә аӡбарҭа иаамҭаны, аконституциатә ҳәаақәа ирҭагӡаны ақәҵара аднамкылар, ҳара альтернативтә азинтә механизм ҳхы иаҳархәоит.  Ҳара, аамҭакала, Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭахь ашшыҧхьыӡ алаҵаразы ҳҽазыҟаҳҵоит. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа зегьы, АИХқәа зегьы иҳадгыланы, ари ақәҧара рхы аладырхәыр рылшоит», — иануп аҳәамҭаҿы.