Иозас Олекас – Қырҭтәыла аполиаризациа ҕәҕәоуп, анапхгаратә партиа абри апроблема аӡбара рҽазыркроуп,  иаҳҳәап, ҧасатәи ахада абахҭантә иоужьҭра алагьы
Иозас Олекас – Қырҭтәыла аполиаризациа ҕәҕәоуп, анапхгаратә партиа абри апроблема аӡбара рҽазыркроуп,  иаҳҳәап, ҧасатәи ахада абахҭантә иоужьҭра алагьы

«Қырҭтәыла аполиаризациа ҕәҕәоуп, анапхгаратә партиа абри апроблема аӡбара рҽазыркроуп,  иаҳҳәап, ҧасатәи ахада абахҭантә иоужьҭра алагьы», — иҳәеит Европарламент алахәыла Иозас Олекас Апарламенттә ассоциациа Қырҭтәыла – Евроеидгыла акомитет  12-тәи аилатәараҿы.

«Абраҟа Қырҭтәыла аҩызцәаҵәҟьа иҟоуп, ҳара Қырҭтәыла ақәҿиарақәа азеиҕьаҳшьоит. Аха, ақәҿиарақәа мацара рылацәажәара ҳаҟәыҵны, шәааи, 12 абжьагарақәа рынагӡаразы иҟаҵатәу  ҳалацәажәап.   Ҳара, Европарламент аҿы, Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара ҳадгылоит, аха,    акомиссиеи аусуратә гәыҧи реилатәарақәа еиҿкаан ҳәа ус баша аҳәара ҟалом.  Ҳара ареалтә аиҭакрақәа ҳамбеит. Аполитикатә гәыҧқәа рыбжьара аполиаризациа ҕәҕәоуп, шәара, анапхгаратә партиеи анапхгаратә аиҳареи абри апроблема аӡбара шәҽазышәкроуп. Иаҳҳәап, ҧасатәи ахада абахҭантә иоужьҭра алагьы», — иҳәеит  Европарламент адепутат Иозас Олекас.