Индиатәи аихқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭақәа ҭырҵаауеит
Индиатәи аихқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭақәа ҭырҵаауеит

Атуризм азы Қырҭтәыла амилаҭтә администрациа ашҟа индиатәи акьыԥхь Deccan Herald-иавиаеилахыра Indigo-и, аборттә журнал Hello3E-и рхаҭарнакцәа иаҭааит.

Апресстур алахәылацәа Қарҭи, Мцхеҭеи, Ҵҟалтубои, Мартвилтәиаканиони, Местиеи, Ушгулии, Сиӷнаӷии, Лопотеи, Лагодехтәи амилаҭтә парки рбеит, иара убас асасцәа Жәыргьыҭ имҩаԥгаз GemoFest рхы аладырхәит.