Индиа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит
Индиа аҧыза-министр Нарендра Моди Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит. Адныҳәаларатә шәҟәы ишану ала, Индиеи Қырҭтәылеи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.
“Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла аҧыза-министр иҭыҧ аанкылара. Индиеи Қырҭтәылеи атрадициатә аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа акырӡа иҕәҕәахеит, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ҳусеицура иаҳа иҭбаахеит. Агәра ганы сыҟоуп шәара шәнапхгарала ҳтәылақәа рыбжьара аусеицура иаҳа ишыҕәҕәахо. Ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәара амзызла аус шәыцура сахыццакуеит. Агәабзиареи ақәҿирақәеи шәзеиҕьасшьоит, ақырҭуа жәлар – мышхәыбзазара рзеиҕьасшьоит. Агәра шәсыргар сҭахуп ҷыдала пату шшәықәысҵо”, – иануп ашәҟәы аҟны.