Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистр - Индиеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа иаҳа иҕәҕәахар сҭахуп
«Уажәазы Индиеи Қырҭтәылеи рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьақәа ҳаҧхьаҟа иаҳа иҕәҕәахар сҭахуп», — иҩит Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Субраманиам Джаишанкар асоциалтә аҳа «Х» аҿы.
Абарҭ ажәақәа рыла Субраманиам Джаишанкар, Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистрс аҩынтәраан иқәыргылара идныҳәаланы ақәҿиарақәа изеиҕьазшьаз ақырҭуа иколлега Илиа Дарчиашвили аҭак ииҭеит.
Ҩ-тәылак рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа иаҵшьны иазгәарҭеит аусеицура арҕәҕәара ишазҿлымҳау.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.