Импыҵахалоу Гал араион абнақәа ахьбылуа аҟынтә ауааԥсыра аевакуациа рзыруоит [авидео]

Импыҵахалоу Гал араион абнақәа ахьбылуа аҟынтә ауааԥсыра аевакуациа рзыруоит, – ааицҳаит импыҵахалоу Гал араион ахадара де-факто анапхгаҩы Константин Ԥилиа.

Ԥилиа иажәақәа рыла, аԥша амзызла амца ааигәа-сигәа игылаз ахыбрақәа рахь ииасуеит.

“Аҭагылазаашьа цәгьоуп. Аԥша ӷәӷәа амзызла амца ааигәа-сигәа игылаз ахыбрақәа рахь ииасуеит. Ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟасҵоит ргәы рҽанызарц. Араион аҩадатәи ахәҭа аҟынтә ауаа аевакуациа ҳгәы иҭоуп”, – иҳәеит Ԥилиа.

Иҟоу адыррақәа рыла, амцарцәара рхы аладырхуеит  Егрвгес амцарцәаҩцәа ргәыԥ.