Импыҵахалоу Ахалгортәии Џьаватәи амуниципалитетқәа ирықәынхо ауааԥсыра ирзышьақәдыргылаз изакәаным аԥкрақәак раԥыхра иадҳәаланы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа аланарҵәоит
Импыҵахалоу Ахалгортәии Џьаватәи амуниципалитетқәа ирықәынхо ауааԥсыра ирзышьақәдыргылаз изакәаным аԥкрақәак раԥыхра иадҳәаланы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа аланарҵәоит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаԥшратә миссиа (EUMM) изхалаԥшуа ацәаҳәа ҷыдала иҳауз адырра инақәыршәаны, импыҵахалоу Цхинвали ахырхарҭала ампыҵахаларатә цәаҳәа ахысразы ишьақәгылаз изакәаным пкрақәак аԥыххоит, – иануп  Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа аҿы.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз, импыҵахалоу Ахалгортәии Џьаватәи амуниципалитетқәа ирықәынхо ауааԥсыра есымза арыцхә 20 инаркны 30-нӡа аужьратә пунктқәа рыла ампыҵахаларатә цәаҳәа ахысра рылшахоит.

“Ацәаҳәа ҷыдала иҳауз адыррақәа рыла, ампыҵахаларатә цәаҳәала аиасратә режим амч амоуп 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31-нӡа“, – иануп аинформациа аҿы.