Импыҵахалоу арегионқәа рҿы инхо ахаҿқәа Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьыл аҿы алаҵақәа рыҟаҵара ирылшоит
Импыҵахалоу арегионқәа рҿы инхо ахаҿқәа Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьыл аҿы алаҵақәа рыҟаҵара ирылшоит

Аԥсны автономтә ареспублика иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Џьемал Гамахариа иҟаиҵаз аҳәамҭала, административтә аҳәааҿ аҳақьымцәа иҷыԥшьуеит, импыҵахалоу арегионқәа рҿы инхо ахаҿқәа Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьыл аҿы алаҵақәа рыҟаҵара ирылшоит.

«Акарантин аԥыхра алшара ҳамам, аха ари азҵаара аус адаҳулоит. Ари азҵаара аӡбара атәылаҿ иҟоу аепидҭагылазаашьа иадҳәалоуп. Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рахь алаҵақәа рнагара ажәалагала ҟаҳцеит, аха макьана ари алшара иҟам.Убри аҟынтә административтә аҳәааҿ аҳақьымцәа иҷыԥшьуеит, импыҵахалоу арегионқәа рҿы инхо ахаҿқәа Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьыл аҿы алаҵақәа рыҟаҵара ирылшоит,» – иҳәеит Гамахариа.