Импыҵахалоу Аҧсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәеи Қарҭи рыбжьара агуманитартә ҟазшьа змоу адиалог еиҭахацыркра азыхиоуп
Урыстәыла ала импыҵахалоу Аҧсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәеи Қарҭи рыбжьара агуманитартә ҟазшьа змоу адиалог еиҭахацыркра азыхиоуп.
Аҧсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы ишану ала, азхьаԥшра анаҭеит ақырҭуа маҵзурауаа Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара адиалог хацырктәуп ҳәа Аԥсны ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа иҟарҵаз ажәадгалақәа ирзаадырԥшыз ареакциақәа.
“Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра азхьаԥшра анаҭеит ақырҭуа маҵзурауаа Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара адиалог хацырктәуп ҳәа Аԥсны ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа иҟарҵаз ажәадгалақәа ирзаадырԥшыз ареакциақәа.
Абри инадҳәаланы иазгәаҭатәуп: иџьашьатәуп иаалырҟьаны ақырҭуа напхгара мчқәа адиалог иазыхиоуп ҳәа иҟоу аинформациа. Ҳара ҩ-ганктәи аиҿцәажәаратә формат – Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭахкаара апроблемақәа рылацәажәареи, арегионалтә шәарҭадареи, аекологиеи егьырҭ агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәеи аҵаркны реиҭахацыркра ҳазыхиоуп еснагь.
Убри аан иазгәаҳҭоит ҳтәыла аполитикатә статус, атәыла Аконституциаҿ иарбоу Аԥсны ажәлар ргәаҳәара хада, иарбанызаалак цәажәарак иамаҭәарны ишыҟам,” – иануп аҳәамҭа аҿы.
Иара убас, Аҧсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы ишану ала, “Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи 1994 – 2008 шықәсқәа рзы ООН анапхгарала, Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи алархәны аиҿцәажәаратә процесс иалахәын. Абри аиҿцәажәаратә формат аҟны Аԥсны аимак иаганны иқәгылон. Уи хәарҭан аполитика-дипломатиатә лҵшәақәа роуразы”.
Импыҵахалоу Аҧсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы Женеватәи адиалог иналукааша жәларбжьаратә форумны иԥхьаӡоуп ҳәа иазгәаҭоуп.
“Женеватәи аиҿцәажәарақәа иахьатәи аамҭазы иналукааша жәларбжьаратә форумны иԥхьаӡоуп арегион аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларази Аԥсни Қырҭтәылеи рполитикатә диалог адгылара аҭарази. Аформат иалахәуп Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа. Аицхантәаҩцәа – ЕС, ООН, ОБСЕ. Женеватәи аиҿцәажәарақәа хра рыманы ҳрыхәаԥшуеит, ԥхьаҟа реиҵыхрагьы ҳақәшаҳаҭуп.
Хыхь иарбо азхьаԥшра аҭо иазгәаҭатәны иаҳшьоит аҳәынҭқаррақәа рыҩба рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалареи Аҟәеи Қарҭи рыбжьара адиалог аҽа формақәак аиуреи амчра ахамырхәаразы адокумент анапы анаҵаҩхалак ашьҭахь ауп иалшоны ианыҟало ҳәа,” – иануп Урыстәыла ала импыҵахалоу Аҧсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.