Импыҵахалоу Аԥсны де-факто анапхгара аҟынтә ишаарыцҳаз, Москва Женеватәи адискуссиақәа Минск ма Бақәа аиагара аҭахуп
Импыҵахалоу Аԥсны де-факто анапхгара аҟынтә ишаарыцҳаз, Москва Женеватәи адискуссиақәа Минск ма Бақәа аиагара аҭахуп

Импыҵахалоу Аԥсны де-факто анапхгара аҟынтә ишаарыцҳаз, Москва Жеенватәи адискуссиақәа Минск ма Бақәа аиагара аҭахуп. Аԥсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистр  Инал Арӡынба иажәақәа рыла, “Қырҭтәыла амч ахархәара мап ацәкра иазку аиқәшаҳаҭра абжьаҵара” иазку аполитикатә диалог мап ацәнакуеит.

“Иахьа урыстәылатәи аган ихадоу ахҵаара иқәнаргылоит Женеватәи адискуссиақәа даҽа ҭыԥк ахь риагара иазкны. Женева аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы еиҟароу аҭагылазаашьа аиҿкаара азалшом”, – иҳәеит Арӡынба.

Де-факто ахада Аслан Бжьаниа ишааицҳаз, ари азҵаара иахцәажәеит Сергеи Лавров иҟны аиԥылараангьы.

„Ҳаҭыр зқәу Лавров ишазгәеиҭаз, аплатформа уаҳа акгьы алшом, убри аҟынтә аԥсуа ган ҳгәаанагара еиликааит, аиҿцәажәарақәа иаҳа еиӷьу аҭыԥ ашҟа, иаҳҳәап Беларус аҳҭнықалақь Минск, ма ԥасатәи Асоветтә Еидгыла атәылақәа рыҳҭнықәалақьқәа рахь аиагаразы аусура алагара иазкны. Ари ахцәажәара ҟалоит. Аҭагылазаашьа ихырҳагахаргьы ҟалап”, – иҳәеит Бжьаниа.

Инал Арӡынба иажәақәа рыла, иқәгылоуп Азербаиџьан аҳҭнықалақь алхра азҵаарагьы.