Импыҵахалоу Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иқыҭа гәакьа Тамшь дыҟоуп, инапынҵақәа рышьҭаҵара мап ацәикит
Импыҵахалоу Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иқыҭа гәакьа Тамшь дыҟоуп, инапынҵақәа рышьҭаҵара мап ацәикит

Импыҵахалоу Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иқыҭа гәакьа Тамшь дыҟоуп, инапынҵақәа рышьҭаҵара мап ацәикит, – ҳәа аанацҳаит “Эхо Кавказа”. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны анапхгара аринахысгьы русура шынарыгӡо. Аҿагыларатә акциа алахәылацәа Аслан Бжьаниа ԥхьатәара дцароуп ҳәа ирԥхьаӡоит, аха Бжьана инапынҵақәарышьҭаҵара игәы иҭам.

Аоппозициаа рлидер Адгәыр Арӡынба иажәақәа рыла, Бжьаниа урыстәылатәи аган адезинформациатә дырақәа риҭоит акциа алахәылацәа Урыстәыла аҳәаа аркра рҭахуп ҳәа.

Импыҵахалоу Аԥсны аҩныҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьа еицәахеит аинвестициатә усмҩаԥгатәқәа рзы Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азҵааразы Апарламент аилатәара анахырга ашьҭахь. Аҿагыларатә акциа алахәылацәа дҵаны иқәдыргылоит атәыла ахада инапынҵақәа рышьҭаҵареи аҽҳәараиаанӡа алхрақәа рымҩаԥгареи.