Илон Маск исистема Starlink Қырҭтәыла акоммуникациақәа рзы акомиссиа аҟынтә авторизациа аиуит  
Илон Маск исистема Starlink Қырҭтәыла акоммуникациақәа рзы акомиссиа аҟынтә авторизациа аиуит  

Илон Маск иеилахәыра  SpaceX ала ишьаҭарку Starlink иахьа Акоммуникациақәа рзы акомиссиа аҟынтә авторизациа аиуит амҩанызатә интернет амаҵзура амҩаҧгаразы. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Акоммуникациақәа рзы акомиссиа.

«Starlink Georgia Қырҭтәылаҿ апрактикатә усура иалагоит. Авторизациа аҭагылазаашьақәа инықәыршәаны,  SpaceX, амҩанызатә системақәа  Starlink аҳархәарала,   Қырҭтәылаҿ зыласра ҳараку ацәаҳәаҭбаатә интернет еиқәнаршәоит.

Starlink —  адунеи иреиҕьу амҩанызатә ацәаҳәаҭбаатә интернеттә системақәа иреиуп.  Уи адунеи зехьынџьара аинтернет аганахьала ауадаҩрақәа ахьыҟоу аҭыҧқәа зыласра дуу ацәаҳәаҭбаатә интернетла еиқәнаршәоит. Иахьазы  SpaceX иоунажьҭхьеит  2700 еиҳаны  Starlink амҩанызақәа. Ари асистема аҵакы ҷыда амоуп ашьахаракыратә регионқәа рҿы.  Starlink аларҵәара ашьҭахь,  агеографиатә зонақәа зегьы ирықәынхо ауааҧсыра аинтернет ахархәара рылшоит.