Илон Маск иеилахыра  SpaceX  амҩанызатә политиказы адиректор  - Қырҭтәыла астратегиатә ҵакы змоу аҭыҧаҿ ишьҭоуп, уи Атранскаспиатә ахәаахәҭратә магистраль аҿы алогистикатәи атранспорттәи иҭыҧхароуп
Илон Маск иеилахыра  SpaceX  амҩанызатә политиказы адиректор  - Қырҭтәыла астратегиатә ҵакы змоу аҭыҧаҿ ишьҭоуп, уи Атранскаспиатә ахәаахәҭратә магистраль аҿы алогистикатәи атранспорттәи иҭыҧхароуп

Илон Маск иеилахыра  SpaceX  амҩанызатә политиказы адиректор  Стивен Нельсон иҳәамҭала,   Қырҭтәыла астратегиатә ҵакы змоу аҭыҧаҿ ишьҭоуп, уи ҩ-континентк еидызҳәало  Атранскаспиатә ахәаахәҭратә магистраль аҿы алогистикатәи атранспорттәи ҭыҧхадоуп.

Стивен Нельсон ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  Аинтернет ахылаҧшра  аглобалтә форум (IGF 2024) аҿы.

«Европеи Азиеи рымҩеихысырҭаҿы ишьҭоу ари атәыла Мрагылареи Мраҭашәареи еидызҳәало аҭыҧ заҵәыс иҟалеит. Иахьа ари атәыла аҵакы ҿыц аиуит», — иҳәеит  Стивен Нельсон.

SpaceX  амҩанызатә политиказы адиректор  иажәақәа рыла, жәашықәсала аимадаразы атрадициатә инфраструктура ахьыҟамыз ашьаҳаракыратә қыҭақәа руааҧсыра иахьа  аласра ду змоу аинтернетла еиқәыршәоуп.

Иара убас, Стивен Нельсон ишазгәеиҭаз ала, анеҩстәи ашықәс инаркны  Starlink Қырҭтәылаҿ абизнес-модель ҿыцқәа аҧнаҵоит.

«Ҳаҧхьаҟа аҿыцҧшьгарақәа рацәа мҩаҧгахоит. Қырҭтәыла аҭынхара дуи, астратегиатә ҭыҧи,  Акоммуникациақәа рзы акомиссиа аинновациатә азнеишьеи,  Starlink атехнологиа ҿыцқәеи рыбзоурала, иҭышәынтәалоу аҿиаразы ашьаҭа ҕәҕәа аҧҵахоит.  Қырҭтәыла зехьынџьара зыласра дуу аинтернет аҿакра ари арегионаҿ аҧхьаӡацтә аҿиара арҭбаара алшара ҳнаҭоит», — иҳәеит Стивен Нельсон.

Асессиаҿы  Стивен Нельсон иаҵшьны иазгәеиҭеит аҧхьаӡацтә корридорқәа аинновациақәа рҿиара ишацхраауа.

«Арҭ акорридорқәа ҳаамҭазтәи Абырфынтә мҩақәа иреиҧшуп. Дара ирласӡаны аимадара еиқәдыршәоит, атрансаҳәаатә усеицура иацхраауеит, аглобалтә адырреи аџьармыкьақәеи рхархәара дырманшәалоит. Иаҳҳәап, ашьхаҳаракыратә қыҭа  Ушгули — уи Европаҿ зегьы реиҳа иҳаракны иҟоу қыҭоуп.  Традициала, аҭыҧантәи ауааҧсыра аҧхьаӡацтә ганахьала аизолиациаҿы иҟан,  онлаин-аҵареи, ателемедицинеи, аекономикатә алшарақәеи рхархәара рылшомызт.  Starlink арҭ ауаа аимадара ашьақәыргылараҿы ирыцхраауеит», — иҳәеит  Стивен Нельсон.

Стивен Нельсон ишазгәеиҭаз ала, Акоммуникациақәа рзы акомиссиаҟны аусеицура ала, Қырҭтәылаҿ арҭ атехнологиақәа аларҵәара роуеит  2025 шықәсазы.