Илиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә университет, изакәызаалак ҭагылазаашьақәак рыда, авторизациа наӡа анашьоуп
Илиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә университет, изакәызаалак ҭагылазаашьақәак рыда, авторизациа наӡа анашьоуп

 

Илиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә университет, изакәызаалак ҭагылазаашьақәак рыда, фышықәса аҿҳәарала,  авторизациа наӡа анашьоуп. Ари аӡбара аднакылеит Авторизациазы ахеилак.

Авторизациазы ахеилак Илиауни авторизациа азҵаара еиҭахәаҧшит Аппелиациатә ахеилак ала ҧасатәи аӡбара аҧыхра ашьҭахь. Ҵыҧх цәыббразы, Илиа ихьӡ зху ауниверситет  фышықәсала авторизациа аиуит, аха, убри аамҭазы, Ахеилак Аҵара ахаҭабзиара аҿиара ацентр ахь аҳәара ҟанаҵеит зыӡбахәы ҳәоу ауниверситет ала абжьагарақәа рынагӡара агәаҭара амзызла, шықәсык иалагӡаны, аплантә мониторинг мҩаҧыргарц.

Убри иаҭакны, ауниверситет анапхгара аарыцҳаит  астандартқәа зегьы рыла авторизациа аексперт гәыҧ рҟынтә  иҳаракӡоу ахәшьара шроуз. Авторизациазы ахеилак ҵаҵгәыркыда ари ахәшьара рыҧсахын, ари ауниверситет авторизациа анаршьеит шықәсыктәи амониторинг амҩаҧгара ала. Убри азоуп  ауниверситет ари аӡбара изазашшыз.

Аилатәара аан адәахьы апротесттә акциа мҩаҧысуан. Амитинг алахәылацәа ргәаанагарала, Авторизациа ахеилак ҵыҧхтәи аӡбара ахьырхәратә шьаҿан, избанзар, ауниверситет астудентцәеи арҵаҩцәеи реиҳара  «Ақырҭуа гәахәтәы» иадгылом.